ЕАШ аконгресс ахаҭанракратә палата аспикер Ненси Пелоси Ереван даҭааит. Ари атәы аарыцҳаит шәамахьтәылатәи аихқәа.
Ненси Пелоси Еревантәи аҳаирбаӷәазаҿ Шәамахьтәыла апарламент аспикер Ален Симониани Шәамахьтәыла иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит.
Цәыббра 17-19 рзы имҩаԥысуа авизит аҳәаақәа ирҭанӡаны, Ненси Пелоси Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниани апарламент аспикер Ален Симониани, егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи дырԥылоит.
Шәамахьтәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аиԥылараҿ ЕАШ-и Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәеи ашәарҭадара ганахьала иҟоу аҭагылазаашьеи ирыхәаԥшуеит.