Шәамахьтәыла аԥыза-министр инапынҵақәа рышьҭаҵара аҳәарала акциақәа мҩаԥысуеит
Шәамахьтәыла аԥыза-министр инапынҵақәа рышьҭаҵара аҳәарала акциақәа мҩаԥысуеит

Шәамахьтәыла аԥыза-министр инапынҵақәа рышьҭаҵара аҳәарала акциақәа мҩаԥысуеит, аҳҭнықалақь аҿы мҩақәак аркуп.

Аихқәа ишаарыцҳаз, аполициа акциа алахәылацәа гәыԥҩык ааннакылеит.

Уахынла Еревантәи ашҭаҿ имҩаԥгаз адемонстрациа ашьҭахь,  атәыла аиҳабыра радминистрациа ахыбра аҧхьа амитинг мҩаԥган.

Ҟарабахтәи арегионаҿ аиҿагылара аныҟаз, Ереван агәҭаны аиҳабыра ирҿагылаз адемонстрациақәа мҩаҧысуан.

Акциақәа рылахәылацәа Ҧашиниан ихарарҵеит Ашьҭатә Ҟарабах Азербаиџьан аҭара. Ауаа аҧыза-министр иамхра иаҳәеит.