Нед Праис -  Қырҭтәыла Америказы крызҵазкәа партниоруп
Нед Праис -  Қырҭтәыла Америказы крызҵазкәа партниоруп

 

«Қырҭтәыла Америказы крызҵазкәа партниоруп», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент апресс-маӡаныҟәгаҩ Нед Праис атрадициатә брифинг аҿы.

Ажурналистцәа иара иазҵааит Урыстәыла Қырҭтәыла иаҿагыланы еиҭах арратә агрессиа мҩаҧнагар конкретла изакәытә арратә ма аекономикатә цхыраароу Қырҭтәыла иаиуа.

«Қырҭтәыла Америказы крызҵазкәа партниоруп. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы ҳара еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла Қырҭтәыла ҳацхраауан. Ҳара Украина аҿырҧштәыла зегьы идҳарбеит Америка ахатә партниорцәа ишрыдгыло.

2008 шықәсазы Қырҭтәыла  жәларбжьаратәи апартниорцәа рыцхыраарала, урыстәылатәи агрессиа ахнагеит. Ҳара Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгылара наҳагӡоит», — иҳәеит Аҳәынҭқарратә департамент ахаҭарнак.