Нед Праис – Ҳара, ҧасеиҧш, Қырҭтәылеи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу уи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит
Нед Праис – Ҳара, ҧасеиҧш, Қырҭтәылеи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу уи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит

«Урыстәыла аибашьранӡатәи апозициақәа рҟынтә ахатә бџьармчқәа алганы, Қырҭтәыла арегионқәа  —  Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара аҧырнахроуп», — иҳәеит Америка Аҳәынҭқарратә департамент апресс-спикер Нед Праис  абрифинг аҿы.

Иара Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко импыҵахалоу Аҧсны ивизит иадҳәаланы ирҭаз азҵаара абас аҭак аиҭеит.

«Ҳара, ҧасеиҧш, Қырҭтәылеи жәларбжьаратәи азхаҵара змоу уи аҵакырадгьылтә акзаареи ҳадгылоит. Урыстәыла  2008 шықәсазы амца аанкыларазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭрала ахы иаднаҵаз аҧхықәрақә нанагӡароуп.

Урыстәыла аибашьранӡатәи апозициақәа рҟынтә ахатә бџьармчқәа алганы, Қырҭтәыла арегионқәа  —  Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рхьыҧшымра азхаҵара иазку аӡбара аҧырнахроуп.

Ишдыру ала, иахьа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы Алеқсанд Лукашенко Аҧсны ивизит иақәыӡбит», — иҳәеит  Нед Праис.