НАТО жәларбжьаратә арратәи жәларбжьаратәи амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра иаҭааит
Лаҵара 20-22 рзы Нато жәларбжьаратә арратәи жәларбжьаратәи амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрраҿ аусуратә визитла иҟан.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, авизит хықәкыс аман НаАТО-Қырҭтәылатәи арратә усеицура иазку аконсультациақәа рымҩаԥгара.
“Аусуратә визит аҳәақәа ирҭагӡаны аганқәа НАТО арратә комитет аҟны аусеицура азҵаарақәеи, Қырҭтәыла аусуратә плани, иашьҭанеиуа апартниорра иазку азҵаарақәеи ирыхәаԥшит.
Нато жәларбжьаратә арратәи жәларбжьаратәи амаҵзурақәа рхаҭарнакцәа Нато ацентр (JTEC) иаҭаан, НАТО-Қырҭтәыла апакет наӡа (SNGP) иабзоураны аҭыԥ змоу алшамҭақәа ирыхәаԥшит.