Наҭиа Ҭурнава  - Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди ҳареи ҳаиқәшаҳаҭхеит апрограмма аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа атехникатә гәыԥқәа рыҩаӡараҿ хара имгакәа шеиҭалаго
Наҭиа Ҭурнава - Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди ҳареи ҳаиқәшаҳаҭхеит апрограмма аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа атехникатә гәыԥқәа рыҩаӡараҿ хара имгакәа шеиҭалаго

Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава Маракеш, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди Адунеитә банки еицымҩаԥыргаз есышықәсатәи аиԥыларақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд Мрагыларатәи Агәҭнытәи Азиа адепартамент адиректор Џиҳад Азур диԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд имҩаԥнаго, аамҭала иаанкылоу апрограмма хара имгакәа аиҭашьақәыргылара иазку азҵаарақәа ирыхәаԥшит.

“Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди ҳареи ҳаиқәшаҳаҭхеит апрограмма аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа атехникатә гәыԥқәа рыҩаӡараҿ хара имгакәа шеиҭалаго”, – илҳәеит Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Ҭурнава.

Џьиҳад Азур иҟны аиԥылараан, Наҭиа Ҭурнава лаҽанык иазгәалҭеит Амилаҭтә банк ахә аҭышәынтәалара шадгыло.