Қырҭтәыла амилаҭтә банк ахада Наҭиа Ҭурнава Қырҭтәыла апарламент аҿы 2024 шықәсатәи есышықәсатәи аҳасабырбала дықәгылеит.
Амилаҭтә банк ахада иҟалҵаз аҳәамҭала, ҵыԥх инфлиациа арбага лаҟәын, ари атәыла аҩныҵҟа аҭыԥ змаз афакторқәа ирыбзоуран.
“2024 шықәсазы ҵыԥх инфлиациа арбага лаҟәын – 1.1% иаҟаран. Абазатә инфлиациа – 1.6% иаҟаран. Аинфлиациа арбага алаҟәра атәыла аҩныҵҟа аҭыԥ змаз афакторқәа ирыбзоуран. Амилаҭтә банк имҩаԥнагаз аишьҭагыларатә политика иабзоураны, 2024 шықәсазы аинфлиациа хықәкылатәи арбага аҵкьыс илаҟәын”, — илҳәеит Наҭиа Ҭурнава.