Мшаҧы аныҳәа инамаданы, қарҭтәи анышәынҭрақәа рахь идәықәло ауааҧсыра хәыҧсада автобусқәа рхы иадырхәар рылшоит
Қарҭ ахада аӡбарала, мшаҧы 24-еи 25-еи, асааҭ 08:00 инаркны асааҭ 20:00-нӡа, қарҭтәи анышәынҭрақәа рхырхарҭала хәыҧсада автобусқәа дәықәаҳҵоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.
«Ауааҧсыра амуниципалтә транспортла инеир рылшоит Мухатгвердии Вашлиџьварии иҟоу анышәынҭрақәа рахь. Автобусқәа дәықәлоит аметро «Дидубе» аҟынтә; амуниципалтә транспортла хәыҧсада анеира ҟалоит Кукиа анышәынҭрашҟагьы, автобусқәа дәықәлоит Авокзалтә ашҭеи Коте Марџьанишви ишҭеи аҟынтәи; иара убас, Сабуртоло иҟоу анышәынҭрашҟа автобусқәа дәықәлоит аметро «Делиси» аҟынтә; Ҕрмаҕеле анышәынҭрашҟа – аметро «Сараџьишвили» аҟынтә; Вера анышәынҭрашҟа ицо автобусқәа аангылоит Бессарион Ҷиҷинаӡе имҩаҿ иҟоу акорпус 25 аҧхьа, Варкеҭили иҟоу анышәынҭрашҟа автобусқәа дәықәлоит аметро «Варкеҭилии» Шуамҭа амҩеи аҟынтәи», — иҳәеит Калаӡе.