Мшаԥы 13-нӡа Қырҭтәыла аҳауатә лышәшәақәа ҟалом, мшԥы 14-15 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит
Аԥсабаразы амилаҭтә агентра аинформациала, мшаԥы 16-нӡа Қырҭтәыла регионқәак рҿы аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Мшаԥы 13 рзы Қарҭ амш еилгоит, мшԥы 14-15 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +20, +22 градус иаҟарахоит.
Амшын Еиқәа араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ԥуҭ) мшаԥы 13 рзы ақәа леиуам, мшԥы 14-15 рзы аҳауатә лышәшәақәа ҟалоит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +17, +19 градус иаҟарахоит.
Мрагыларатә Қырҭтәыла ашьхараҿ (Амбролаури, Они, Цагери, Шови, Ҷиаҭура, Сачхере, Хуло): аамҭа-аамҭала ақәа леиуеит. Аҳауа аԥхарра ҽынла +16, +18 градус иаҟарахоит.
Ашьхаҿ (Ахалқалақи, Ҵалка, Бакуриани, Гудаури, Омало) аамҭа-аамҭала ақәа леир ҟалап. Аҳауа аԥхарра ҽынла +12, +14 градус иаҟарахоит.