Молдавиатәи авиаеилахәыра Vision Air Қырҭтәылаҟа аԥырра иалагоит. Атәылауаҩратә авиациа агентра аинформациа ала, Vision Air Қырҭтәылеи Молдовеи рыҳҭнықалақьқәа рыбжьара еиԥырҟьам ареисқәа рынагӡара алагоит.
Молдавиатәи авиаеилахәыра Кишинев-Қарҭ-Кишинев ахырхарҭала актәи ареис нанагӡоит 2025 шықәса абҵарамза 2 рзы.
Vision Air украинатәи SkyUp Airlines аҟны апартниорра ала аԥырра 2025 шықәса аԥхын инаркны алагеит. Иахьазы Молдовантә Қырҭтәыла ахырхарҭала ареисқәа нанагӡоит даҽа еилахәырак – FLYONE.