Михеил Сарџьвелаӡе - Аполициа аусуҩцәа Молотов икоктеильқәа иргәыдырҵоз ауаа ифырхацәоуп ҳәа сызҳәом
Михеил Сарџьвелаӡе - Аполициа аусуҩцәа Молотов икоктеильқәа иргәыдырҵоз ауаа ифырхацәоуп ҳәа сызҳәом

Аполициа аусуҩцәа Молотов икоктеильқәа иргәыдырҵоз ауаа ифырхацәоуп ҳәа сызҳәом, ари зинла ииашам позициа мацара акәым, аморалтә хымҩаԥгашьоуп, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ауаҩытәыҩсы изинқәа рыхьчареи атәылауаҩратә интеграциеи ркомитет ахантәаҩы Михеил Сарџьвелаӡе  хәажәкыра 7-9 рзы имҩаԥгаз акциаҿ иаанкылоу Лазаре Григориадис данихцәажәоз.

Михеил Сарџьвелаӡе иажәақәа рыла, ари азҵара кәакьҭа рацәа амоуп, ари зегь ииашоу ахәшьара аҭатәуп, уи азы ишьақәгылоуп азакәантә процедурақәа.

Қарҭ, хәажәкыра 7,8,9 рзы имҩаԥгаз аҿагыларатә акциаҿ аполициа рықәлареи амаҭәарқәа рԥасҭатәреи рзы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусуҩцәа Лазаре Гриориадис дааныркылеит. Уи аҭакра хәажәкыра 31 рзы иқәырҵеит.

Аусԥшаара аинформациа ала, 21 шықәса зхыҵуа Лазаре Григориадис аҿагыларатә акциаҿ аполициа аусуҩцәа ахаҳәқәеи Молотов икоктеили иргәыдиҵон, азакәанхьчаҩцәа аахақәа роуит.