Михаил Сарџьвелаӡе  - Ҳара иҳалшо асимволтә цхыраара Украина хырҳагара азаанагом, аха,  ҳара ҳзы уи аконкреттә милитаристтә шәарҭарақәа ахылҵуеит
Михаил Сарџьвелаӡе  - Ҳара иҳалшо асимволтә цхыраара Украина хырҳагара азаанагом, аха,  ҳара ҳзы уи аконкреттә милитаристтә шәарҭарақәа ахылҵуеит

«Ҳара иҳалшо асимволтә цхыраара Украина хырҳагара азаанагом, аха, ҳара ҳзы уи аконкреттә милитаристтә шәарҭарақәа ахылҵуеит», — иҳәеит ауаҩытәыҩса изинқәа рзы апарламентәт комитет ахантәаҩы  Михаил Сарџьвелаӡе Украинатәи Рада адепутат Алеқсеи Гончаренко Украина абџьар аҭаразы Қырҭтәылаҟа иҟаиҵаз ааҧхьара    данахцәажәоз.

Сарџьвелаӡе  иҳәамҭала,  иахьа Қырҭтәыла аибашьра аҽалагалара залымшо еилкаауп.

«Ҳара Украина иаҳҭар иҳалшо асимволтә цхыраара Украиназы апрактикатә ҵакы амам. Асимволтә цхыраароуп ҳазлацәажәо, Украина уи акгьы анаҭом, аха, ҳара аконкреттә амилитаристтә шәарҭарақәа ҳазцәырҵыр ауеит, Қырҭтәьылагьы аибашьра иалагар ауеит.  Ианаамҭаз абарҭ ашәарҭарақәа ҳрылацәажәеит, усҟан ҳоппонентцәа иҳақәшаҳаҭымызт.  Украинатәи ачинуаҩк  иҳәеит Қырҭтәылагьы  аҳәсеи ахәыҷқәеи ршьуазҭгьы Украина уи ҳзеиҕьхон ҳәа.   Рыцҳарас иҟалаз, абри ауп мзызс иҟоу. Саҭашәымҵан, аха, ус акәзар, сара уи сҭахым», — иҳәеит  Сарџьвелаӡе.