Михаил Ҟавелашвили Роберт Франц Прево Римтәи папас иалхра идиныҳәалеит
Михаил Ҟавелашвили Роберт Франц Прево Римтәи папас иалхра идиныҳәалеит

Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Роберт Франц Прево Римтәи папас иалхра идиныҳәалеит.

Михаил Ҟавелашвили асоциалтә ҳа X аҿы ишазгәеиҭаз, Қырҭтәылеи Ватикани ирыбжьоу аҭоурыхтә еизыҟазаашьақәа ҳтәыла аҳаҭыр ду ақәнаҵоит.

«Лео XIV Римтәи папас иалхра идысныҳәалоит. Қырҭтәылеи Ватикани ирыбжьоу аҭоурыхтә еизыҟазаашьақәа ҳтәыла аҳаҭыр ду ақәнаҵоит», — пиҩит Қавелашвили.

Иацы Римтәи папас америкатәи Роберт Превост далырхит. Акатоликтә уахәама аҭоурыз аҿы раԥхьаӡа Римтәи папас америкатәи акардинал далхуп.