Михаил Ҟавелашвили - Елдар Шенгелаиа иԥсра Қырҭтәыла зегь азы ацәыӡ дууп
Қырҭтәыла ахада арежиссиор Михаил Ҟавелашвили Елдар Шенгелаиа иԥсра инамаданы адашшылара ҟаиҵеит.
“Ақырҭуа акинорежиссиор Елдар Шенгелаиа иԥсра даара сгәы иалсит. Елдар Шенгелаиа иԥсра Қырҭтәыла зегь азы ацәыӡ дууп. Ирҿиамҭала акино аҿы мацара акәымкәа, имыӡуа ашьҭа аанижьит ақырҭуа ҟазараҿ. Елдар Шенгелаиа иҭаацәара алахәылацәеи, иуацәеи, Қырҭтәыла зегьы срыдашшылоит., – иҩит Ҟавелашвили.
Арежиссиор Елдар Шенгелаиа 92 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.