Михаил Ҟавелашвили акультура аусхкы ахаҭарнакцәа Ахьӡ-аԥша аордени Аҳаҭыртә ордени ранеишьеит
 Михаил Ҟавелашвили акультура аусхкы ахаҭарнакцәа Ахьӡ-аԥша аордени Аҳаҭыртә ордени ранеишьеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии еицыҟарҵаз ажәалагала ашьаҭала, атәыла ахада Михаил Ҟавелашвили, акультура аҿиара аус аҿы алагала ҷыда азыҳәан,  акультура аусхкы ахаҭарнакцәа Ахьӡ-аԥша аордени Апрезиденттә орден ҷыда – Аҳаҭыртә ордени  ранеишьеит.  

Анаԥхгараҭара излаанацҳауа ала, алауреатцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьан ​​акультура аганахьала аихьӡарақәеи Қырҭтәыла акультура аырхарҭа аҿиара аҿы рлагала дуи рзы.

Аҳәынҭқарра Ахада ихан аҟны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе, Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили, акультура аминистр Ҭинаҭин Рухаӡе, акультура ахырхарҭа ахаҭарнакцәа.