Меҭиу Миллер - ЕАШ 2022-2023 шықәсқәа рзы иҟаз аҩаӡараҿ Украина ацхыраара азаанарԥшуам, избан акәзар хықәкыс иҳамоуп Украина ахатә арратә-ааглыхратә база аргылараҿ ҳацхраарц
Меҭиу Миллер - ЕАШ 2022-2023 шықәсқәа рзы иҟаз аҩаӡараҿ Украина ацхыраара азаанарԥшуам, избан акәзар хықәкыс иҳамоуп Украина ахатә арратә-ааглыхратә база аргылараҿ ҳацхраарц

ЕАШ 2022-2023 шықәсқәа рзы иҟаз аҩаӡараҿ Украина ацхыраара азаанарԥшуам, избан акәзар хықәкыс иҳамоуп Украина ахатә арратә-ааглыхратә база аргылараҿ ҳацхраарц, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭдепартамент апресспикер Меҭиу Миллер.

“Украина ацхыраара ахьынӡа аҭаххо наҳагӡоит, аха ари 2022-2023 шықәсқәа рзы иҟаз аҩаӡара еиԥшхом”, – иҳәеит Миллер.

ЕАШ аҳәынҭдепартамент апресспикер иажәақәа рыла, Вашингтон Украина ахатә арратә-ааглыхратә база аргылараҿ ацхраарц аҭахуп.

“Украина макьана ахала ахыхьчара алшом, убри аҟынтә аконгресс Украина иацҵаны ацхыраара азаарԥшра иазку аӡбара аднакылароуп”, – иҳәеит Миллер.