Мчыла ихгоу ауааҧсыра рзы Марнеули ақыҭатә ҳабла дыргылеит. Иахьа уажәраанӡагьы кыршықәса рыҩнуҵҟа бжала ибгаз ахыбра иҩназ 31 ҭаацәара ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу аҩнқәа ҳамҭас ироуеит.
Ари апроект нарыгӡеит Германтәылеи Қырҭтәылеи реиҳабырақәа русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла иазоушьҭыз 10 миллионов евро агрант ала.
Аҳабла ҿыц аҵакыраҿы 60ҩык ахәыҷқәа рзы иазҧхьагәаҭоу ахәыҷбаҳча аргылара иаҿуп. Иахьа аҳабла рбеит Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡеи, Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҳуберт Книрши, аҭыҧантәи анапхгара ахаҭарнакцәеи.