Марнеултәи аполициаҿ аԥстәқәа рзинқәа рыхьчаҩцәеи ауааԥсыреи еизеит, урҭ аԥстә аргәаҟразы иаанкылоу ахаҿы иӷәӷәаны лахь иҭара идҵаны иқәдыргылоит
Марнеултәи аполициаҿ аԥстәқәа рзинқәа рыхьчаҩцәеи ауааԥсыреи еизеит, урҭ аԥстә аргәаҟразы иаанкылоу ахаҿы иӷәӷәаны лахь иҭара идҵаны иқәдыргылоит

Марнеултәи аполициа аҟәшаҿ аибарххара ҟалеит. Аусҳәарҭаҿ аԥстқәа рзинқәа рыхьчаҩцәеи ауааԥсыреи еизеит.

Урҭ аԥстә аргәаҟразы иаанкылоу ахаҿы иӷәӷәаны лахь иҭара идҵаны иқәдыргылоит.

Марнеултәи аполициаҿ иаанкылоу ахаҿы иҿахәы иҿырхуеит.

Марнеултәи аполициа аҟәша аиҳабы Гьаргь Наврозашвили ажурналистцәа рахь ишааицҳаз, имҩаԥысуеит аусԥшааратә уснагӡатқәа, асоциалтә каҭаҿы аларҵәара зауз авидеонҵамҭа ԥхынҷкәын азы иҭыхын.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә Актәи аканал ахь ишаарыцҳаз, ала аргәаҟра афакт азы Марнеули хаҿык даанкылоуп. Аԥстәы иргәаҟра зныԥшуа авидеонҵамҭа аларҵәара аиуит асоциалтә каҭаҿы. Иҟоу адыррақәа рыла, афакт Марнеултәи қыҭак аҿы ҟалеит. Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра афакт азы аусԥшаара хацнаркит Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 259-тәи ахәҭаҷ ала – Аԥстәы аргәаҟра ма иара агәымбылџьбарарала азыҟазаара.