Ала аргәаҟра афакт азы Марнеули аӡәы даанкылоуп
Ала аргәаҟра афакт азы Марнеули аӡәы даанкылоуп

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә Актәи аканал ахь ишаарыцҳаз, ала аргәаҟра афакт азы Марнеули хаҿык даанкылоуп.

Аԥстәы иргәаҟра зныԥшуа авидеонҵамҭа аларҵәара аиуит асоциалтә каҭаҿы. Иҟоу адыррақәа рыла, афакт Марнеултәи қыҭак аҿы ҟалеит.

Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра афакт азы аусԥшаара хацнаркит Қырҭтәыла ашьауӷа закәанеидкыла 259-тәи ахәҭаҷ ала – Аԥстәы аргәаҟра ма иара агәымбылџьбарарала азыҟазаара.