Мариуполь ахада ибжьагаҩ  -  Путин, иқәху, иҟам ақалақь аҿы аиааира игазшәа ааирҧшыр  иҭахуп
Мариуполь ахада ибжьагаҩ  -  Путин, иқәху, иҟам ақалақь аҿы аиааира игазшәа ааирҧшыр  иҭахуп

Мариуполь ахада ибжьагаҩ  Пиотр Андриушенко иҳәамҭала, Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа аукраин аибашьцәеи «Азовсталь» ауааҧсыреи рҭагылазаашьа аҧсахуам.

«Путин ажәылара аҧыхра акәымкәа,  «Азовсталь» амацәаз аҭакра ауп дызлацәажәо. Уи ҳаибашьцәеи «Азовсталь» атәылауаҩратә хаҿқәеи рҭагылазаашьа аҧсахуам. Путин, иқәху, иҟам ақалақь аҿы аиааира игазшәа ааирҧшыр иҭахуп.

Аурысцәа рзы ажәабжь ҿыцк иҟам  — ажәабжь ҿыц аныҟам, уи рхәыцроуп», —  иҩит Мариуполь ахада Пиотр Андриушенко   Telegram-канал аҿы.

Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә АИХ адыррақәа рыла, Сергеи Шоигу   Владимир Путин Мариуполь  “ахақәиҭтәра” иазкны аинформациа иҭеит,   Путин “Азовсталь” ааглыхратә зона ажәылара аҧыхразы адҵа ҟаиҵеит.