Мамука Мдинараӡе – Қырҭтәыла аҿырԥштәы, ЕАШ-и ҳтәылеи русеицура аформақәа, азнеишьақәа рыла еилаҳкаауеит ЕАШ “диԥ сҭеиҭ” аҭархара иалшо-иалымшо
Мамука Мдинараӡе – Қырҭтәыла аҿырԥштәы, ЕАШ-и ҳтәылеи русеицура аформақәа, азнеишьақәа рыла еилаҳкаауеит ЕАШ “диԥ сҭеиҭ” аҭархара иалшо-иалымшо

Апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе асоциалтә ҳаҿы иҟаиҵаз аҳәамҭала, “Қырҭтәыла аҿырԥштәы, ЕАШ-и ҳтәылеи русеицура аформақәа, азнеишьақәа рыла еилкаахоит ЕАШ “диԥ сҭеиҭ” аҭархара алшо-алымшо” ҳәа.

“Адунеи аҿы аҭыԥ змоу ахҭысқәа азҵаарақәа рацәаны аҭак рырҭеит, аха иҵегьы ирацәаны азҵаарақәа аҭакда аанхеит……..

Аҵыхәтәантәи аамҭазы Евроеидгыла иалоу атәылақәа Қырҭтәылеи уи илегитиму аиҳабыреи рганахьала агрессиа аадырԥшуеит. Урҭ рҟынтә иалукаауеит Балтиатәии Сакндинавиатәи атәылақәа. Арҭ атәылақәа Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи усқәа рҽаларгалоит, арадикализм иадгылоит, иԥсабаратәым аҿа́гыларақәа иаартны рыдгылоит, аиҳаба аԥсахра хықәкыс иамоу арадикалтә процессқәа рыдгылоит.

Арҭ атәылақәа анапхгареи асуверенитет рымаӡам, урҭ “абашьра аглобалтә партиа” – “диԥ сҭеиҭ” адҵақәа рынагӡара иаҿуп.

Ауаажәлар ирбоит “диԥ сҭеиҭ” Евроеидгыла, уи аекономикеи атәылақәеи иабананага. Ари шьақәирӷәӷәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубио, иажәақәа рыла, аглобалтә мчқәа Урыстәыла анапқәа рыла Урыстәыла иаҿагыланы прокси-аибашьра иалагеит. Ари иахылҵит Украина аилаҳареи Европа арԥсыҽреи.

Гәык-ԥсыкала ахада Трамп  “Диԥ сҭеиҭ”иаҿагыланы ақәԥараҿ аиааира агара изеиӷьаҳшьоит, аха уи ариаара моу, арԥсыҽрагьы иуадаҩуп.

Қырҭтәыла аҿырԥштәы, ЕАШ-и ҳтәылеи русеицура аформақәа, азнеишьақәа рыла еилаҳкаауеит ЕАШ “диԥ сҭеиҭ” аҭархара алшо-алымшо”, – иҳәеит Мамука Мдинараӡе.