Мамука Мдинараӡе - Евроеидгыла ҩынтәтәи стандартқәа амоуп, Еврокомиссиа аҳасабырбаҿ ибзианы иубарҭоуп "Ақырҭуа гәахәтәы" иабзоураны атәыла аԥхьагылара шамоу
Мамука Мдинараӡе - Евроеидгыла ҩынтәтәи стандартқәа амоуп, Еврокомиссиа аҳасабырбаҿ ибзианы иубарҭоуп "Ақырҭуа гәахәтәы" иабзоураны атәыла аԥхьагылара шамоу

Қырҭтәыла аганахьала Евроеидгыла ҩынтәтәи стандартқәа амоуп, Еврокомиссиа “2025 шықәсатәи Аиҳабыра бзиа” ҳәа хьӡыс измоу аҳасабырбаҿ ибзианы иубарҭоуп “Ақырҭуа гәахәтәы” иабзоураны атәыла аԥхьагылара шамоу, – иҳәеит “Ақырҭуа гәахәтәы” анагӡаратә маӡанҟәгаҩ Мамука Мдинараӡе.

Мдинараӡе иажәақәа рыла, аиндекс цыԥхьаӡа инақәыршәаны, Қырҭтәыла ахырхарҭақәа зегьы рҿы ақәҿиарақәа амоуп.

“Евроеокмиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Қырҭтәыла аганахьала изаамуроу акритикала далукаауеит. Ари аусҳәарҭа “2025 шықәсатәи Аиҳабыра бзиа” ҳәа хьӡыс измоу аҳасабырбаҿ иаарԥшуп аҵак ҷыда змоу инлексқәак: “Азакәанԥҵареи аполитикеи рықәгәыӷра”, “Аԥхьагылареи ахараԥшреи”,  “Иӷәӷәоу аҳәынҭқарратә изститутқәеи”, “Аџбармыкьатә економика бзиа”.

Евроеомиссиа аланарҵәаз ари аҳасабырба идырмазеин Анапхгараҭаразы Чендлер иинститут аҿы. Уи шьаҭас амоуп ЕАР-и, Адунеи абанки, Жәарбжьратә авалиутатә фонди, Адунеи аекономикатә форуми егьырҭ жәларбжьаратә струтурақәеи рыҭҵаарақәа.

Еврокомиссиа аҿаҵала иҟаҵоу “2025 шықәсатәи Аиҳабыра бзиа” ҳәа хьӡыс измоу аҳасабырбаҿ ибзианы иубарҭоуп “Ақырҭуа гәахәтәы” иабзоураны атәыла аԥхьагылара шамоу”, – иҳәеит Мдинараӡе.