Мамука Мдинараӡе - Ауаажәлар имцу алибералтә идеологиа аҟынтә ахьчаразы, азакәанԥҵаратә аԥшьгара аус адулара ҳаӡбеит
Мамука Мдинараӡе - Ауаажәлар имцу алибералтә идеологиа аҟынтә ахьчаразы, азакәанԥҵаратә аԥшьгара аус адулара ҳаӡбеит

«Ауаажәлар имцу алибералтә идеологиа аҟынтә ахьчаразы, азакәанԥҵаратә аԥшьгара аус адулара ҳаӡбеит», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе.

Мдинараӡе иажәақәа рыла, азакәанпроект ҩымчыбжь рыла апарламент адыргалоит.

Апарламенттә аиҳара алидер ишазгәеиҭаз, жәларбжьаратәи аҭҵаарақәа рыла, имцу алибералтә идеологиа ахьыларҵәаз атәылақәа рҿы, итрадициатәым асексуалтә ориентациа змоу ауаа рыбжьара 18-25 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рхыԥхьаӡара 20% иаҟароуп. Мдинараӡе ишазгәеиҭаз, ари угәы ԥызжәаша дыррақәоуп.

“Ари апропаганда аҿагыларазы апарламенттә аиҳара азакәанԥҵаратә механизмқәа рхарқәара ҳаӡбеит. Ауаажәлар имцу алибералтә идеологиа аҟынтә ахьчаразы, азакәанԥҵаратә аԥшьгара аус адулара ҳаӡбеитю Азакәанпроект Қырҭтәыла аконституциа ианаалахоит», —  иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер Мамука Мдинараӡе.