Мака Боҷоришвили Катар аҧыза-министр, адәныҟатәи аусқәа рминистр, ашеих Муҳаммедом бен Абдулраҳман Аль Тани диҧылеит

17:06, 16.11.2026

Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Катар имҩаҧылго аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Катар аҧыза-министр, адәныҟатәи аусқәа рминистр, ашеих  Муҳаммед бен Абдулраҳман Аль Тани диҧылеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ишану ала, аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Катари рыбжьара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа иаҳа рырҿиара  аперспективақәеи аусеицура арҭбааразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит.  Хшыҩзышьҭра ҷыда рызун иҳараку аҩаӡараҟны авизитқәа реиҧныҧсахлара аҵаки еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҭбаареи.

Аиҧылараҿы Ааигәатә Мрагылара арегионаҿ имҩаҧысуа апроцессқәагьы ирылацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа иаҵшьны иазгәарҭеит арегионаҿ аҭышәынтәалареи  ашәарҭадареи реиқәыршәара аҵакы.

 

 

Еиԥшу