Мака Боҷоришвили Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили, Абу Даби ақалақьаҿ, жәларбжьаратә конференциа Raisina Middle East аҳәаақәа ирҭагӡаны, Индиа адәныҟатәи аусқәа рминистр, адоктор Субраҳманиам Џьаишьанкар диҧылеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессмаҵзура адыррақәа рыла, аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Индиеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит.
„Хшыҩзышьҭра ҷыда азун ахәаахәҭра-економикатә усеицура арҕәҕәареи Қырҭтәыла атранзит-логистикатә потенциал инагӡаны ахархәареи аҵакы. Иаҵшьны иазгәаҭан аҵареи атуризми аусхкқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура.
Иара убас, ишазгәаҭаз ала, атәылақәа рыбжьара хымҧада иҳаракӡоу аҩаӡараҟны авизитқәа мҩаҧыргалароуп“, – иануп Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.