Франциа аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Париж имҩаҧгаз адемонстрациаан Молотов икоктеиль ала ажандарм ижәылара „ауаҩшьра аҽазкроуп“ ҳәа иҳәеит

15:27, 01.11.2026

Франциа аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Париж имҩаҧгаз адемонстрациаан Молотов икоктеиль ала ажандарм ижәылара  „ауаҩшьра аҽазкроуп“ ҳәа иҳәеит.

Аминистр иажәақәа рыла, ажәылара амшала ажандармериа аусзуҩ  усҟак ихьанҭам ааха иоуит.

Ари аинциндент иахцәажәеит Франциа ахада иҭыҧ азы акандидат, аультраарҕьаратә партиа  „Амилаҭтә аидҵара“ ахаҭарнак Марин Ле Пени  „ареспубликанцәа“ рлидер, аҩныҵҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Бруно Ретаиои. Аполитикцәа рҩыџьагьы ари афакт иақәыӡбит.

„Ажәылара ҟазҵаз ҧшааны, ашьауҕа ҕәҕәа рыҭатәуп“, — илҩит Марин Ле Пен асоциалтә аҳаҿы. Лара азинхьчаҩцәа инарыгӡаз аусуразы ҭабуп ҳәа ралҳәеит.

„Уи ҟазҵаз аҭакҧхықәра идҵатәуп. Уи ауаҩшьра аҽазкроуп“, — иҳәеит Бруно Ретаио.

 

Еиԥшу