Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура – Бершуеҭи ақыҭа иазааигәаны Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихы дақәиҭуп
Гори амуниципалитет Бершуеҭи ақыҭа иазааигәаны Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа закәандарала иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихы дақәиҭуп, иара ацентртә напхгара изхылаҧшуа аҵакырадгьылаҿ дыҟоуп, — аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтәи.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура адыррақәа рыла, закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ ихақәиҭтәра апроцессан ацентртә напхгара, рнапаҿы иҟоу ахархәагақәа зегьы рхы иадырхәит, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа (EUMM) „ацәаҳәа ҷыдагьы“ уахь иналаҵаны.
„Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы закәандарала иҭаку Қырҭтәыла атәылауаа зегьы рхақәиҭтәразы активла аусура нанагӡоит“, — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациаҿы.