IV аҿартә Аолимпиатә хәмаррақәа аартуп – Дакар 2026 #1TVSPORT
Сенегал аҳҭнықалақьаҿ, Дакар, IV аҧхынтә аҿартә аолимпиатә хәмаррақәа раартра ацеремониа мҩаҧган.
Ишаҧу еиҧш, аделегациақәа рпарад мҩаҧысит. Аолимпиатә амца адыркит.
Қырҭтәыла абираҟныҟәгаҩцәан аӡсаҩы Анастасиа Миқелашвилии адӡиудоист Важа Генгашвилии.
IV аҧхынтә Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаҧгахоит жьҭаара 31 инаркны абҵара 13-нӡа, урҭ рхы рыладырхәоит 2655ҩык аспортсменцәа 205 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә. 13ҩык ақырҭуа спортсменцәа аспортхкқәа жәба рҿы еицлабуеит.
Ацеремониаҿы иҟан Қырҭтәыла аспорт азы аминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Долабериӡеи, Амилаҭтә олимпиатә комитет амаӡаныҟәгаҩ хада Емзар Зенаишвилии, Аолимпиатә қыҭаҿы амиссиа анапхгаҩы, Аолимпиатә комитет аспорттә директор Гьаргь Есакиеи.