Мака Боҷоришвили Франциа ацҳаражәҳәаҩ Оливие Курто диԥылеит
Мака Боҷоришвили Франциа ацҳаражәҳәаҩ Оливие Курто диԥылеит

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Франциа ацҳаражәҳәаҩ Оливие Курто диԥылеит, – аарыцҳаит АдәАР аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәылеи Франциеи реизыҟазаашьақәа рҿы хра злоу азҵаарақәеи аусеицура еиуеиԥшым ахырхарҭақәеи ирыхәаԥшит.

“Иара убас, аганқәа Қырҭтәыла Евроеидгыла ашҟа аинтегарциа азҵаара иадҳәаланы ргәаанагарақәа аадырԥшит. Иаҵшьны иазгәаҭан ари апроцесс аҿы аусеицуреи адиалоги ахадаратә ҵакы шрымоу.

Оливие Курто Франциа Қырҭтәыла асуверенитети атериториатә акзаареи шрыдгыло даҽазнык шьақәирӷәӷәеит“, – иануп аҳәамҭа аҿы.