Маик  Пенс иаалырҟьаны Киев даҭааит
Маик  Пенс иаалырҟьаны Киев даҭааит

Америка ҧасатәи авице-ахада Маик Пенс иаалырҟьаны Киев даҭааит. Иара Ареспубликатә партиа аҟынтәи атәыла ахада иҭыҧаз раҧхьатәи кандидатуп Украина алидер Владимир Зеленски иҧылаз.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Маик Пенс  ақалақьқәа Моуни, Бучеи, Ирпени дырҭааит.

«Америка зхы иақәиҭу адунеи алидеруп ҳәа сгәы иаанагоит.  Хазхаҭалатәи ахаҿы иаҳасабала абрахь санааи,  урыстәылатәи ар аанызкылоз  украинатәи аруааи аҭыҧантәи ауааҧсыреи  рфырхаҵара анызба,  агәра згеит    украинатәи ҳҩызцәа Американтә иаҳа адгылара шрыхәҭоу», — иҳәеит  Маик Пенс  NBC аинтервиу аҿы.