Лиза Иасько  - Саакашвили имч каҧсеит, аха, амлакра аҟәыҵра игәы иҭам
Лиза Иасько  - Саакашвили имч каҧсеит, аха, амлакра аҟәыҵра игәы иҭам

«Саакашвили имч каҧсеит, аха, амлакра аҟәыҵра игәы иҭам. Иацтәи амш гәызҭаҵагас изыҟалеит, ақырҭуа жәлар агәыҕра шырцәымӡыз аниба игәы шьҭыҵит», — илҳәеит украинатәи адепутат Лиза Иасько Русҭавтәи абахҭа данҭыҵ ашьҭахь ажурналистцәа данрацәажәоз.

Лиза Иасько Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили абахҭаҿ дылбеит.

«Игәабзиара аҭагылазаашьа саргәамҵуеит. Ҳәарада, имч каҧсеит. Мышқәак ҵуеит иара иахь аҳақьым днармыжьҭуеижьҭеи. Абри азҵаара хымҧада иӡбатәуп.  Саакашвили иацтәи ақәгыларазы ажәлар даараӡа драҭабууп. Абри аҿы иаанымгылар иҭахуп.  Сара исҭаху акоуп,  амлакра даҟәыҵырц, абахҭа дҭыҵырц. Иара Киев акомфорттә ҧсҭазаара мап ацәикит. Уажәазы ҳара ҳзы акоуп хадара змоу, игәы бзианы абахҭа дҭыҵроуп. Убри азыҳәан  амлакра даҟәыҵроуп, аха амлакра аҟәыҵра игәы иҭам, избанзар убри ала ишьақәирҕәҕәар иҭахуп иара акгьы шихаарам», — илҳәеит Лиза Иасько.