Лиетува аԥыза-министр Гинтаутас Палуцкас инапынҵақәа шьҭеиҵеит.
Ахада Гитанас Науседа иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥыза-министр инапынҵақәа рышьҭаҵара аӡбамҭа шидикылаз ҭелла даниацәажәоит иаиҳәеит.
Лиетува аԥыза-министр аскандал далахәун. Лиетуватәи АИХқәа игәҩароу иеимадарақәа ирызку адыррақәа аладырҵәеит, ари иахҟьаны Апрокуратура хада ашьаус хацнаркит.
Афинанстә усԥшааратә маҵзура аусуҩцәа аԥыза-министр иԥҳәыс лашьа итәыз еилахәыра «Dankora» аҿы аимдара мҩаԥыргеит. Аилахәыра европатәи афинанстә цхырарала, аԥыза-министр итәыз еилахәыра Garnis аҟынтә аккумулиаторқәа раахәара иаҿын.