Леван Жоржолиани Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит
Леван Жоржолиани Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц диҧылеит

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиани Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Оливие Курто диҧылеит. 

Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы ацҳаражәҳәаҩ Қырҭтәыла идипломатиатә миссиа алагара идиныҳәалеит. 

Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Франциеи реизыҟазаашьақәеи наҟ-наҟтәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәеи ирылацәажәеит.  

Леван Жоржолиани Қырҭтәыла афранцыз аган рҟны апартниорра ишазыхиоу иазгәаҭаны, ацҳаражәҳәаҩ иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.