Леван Хабеишвили – Зқьҩыла ҳтәылауаа Саакашвили ихақәиҭтәра анапаҵаҩразы агәаран иқәгылоуп,  Саломе Зурабишвили  аӡбара лыдылкылароуп  
Леван Хабеишвили – Зқьҩыла ҳтәылауаа Саакашвили ихақәиҭтәра анапаҵаҩразы агәаран иқәгылоуп,  Саломе Зурабишвили  аӡбара лыдылкылароуп  

«Зқьҩыла ҳтәылауаа Саакашвили ихақәиҭтәра анапаҵаҩразы агәаран иқәгылоуп,  Саломе Зурабишвили  аӡбара лыдылкылароуп, ахада Саакашвили ашьауҕа иқәылхроуп», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы  Леван Хабеишвили.

Иара иажәақәа рыла, зқьҩыла ауааҧсыра Саакашвили ихақәиҭтәра иаҳәоит.

«Ҳтәыла европатәи аҿиара аиқәыршәаразы аобиективтә лагылазаара иаша еиҿкаатәуп, убри аҟынтә, аоппозициатә лидер хада ихы дақәиҭзароуп.  Ахада Саакашвили  доурыжьҭырц азыҳәан Саломе Зурабишвили аконкреттә аӡбара дыдылкылароуп.  Зқьҩыла ҳтәылауаа Саакашвили ихақәиҭтәра анапаҵаҩразы агәаран иқәгылоуп. Агәра ганы сыҟоуп ақырҭуа жәлар аҕарра ишалҵуа, Иванишвили дшаҵадырхо, Саакашвили ихы дшақәиҭхо», — иҳәеит  Леван Хабеишвили.