Леван Давиҭашвили - Абу-Даби авизитаан акыр зҵазкуа аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азԥхьагәаҭоуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылаҟа миллиардла адолларқәа рхархәара мҩаԥгахоит
Абу-Даби авизитаан акыр зҵазкуа аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азԥхьагәаҭоуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылаҟа миллиардла адолларқәа рхархәара мҩаԥгахоит, – ҳәа иҳәеит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, Аекономика аминистр Леван Давиҭашвили.
Аминистр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи аполитикатәи аекономикатәи ахырхарҭақәа рҿы аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьоуп.
Уи иажәақәа рыла, Қырҭтәыла арегион аҿы раԥхьаӡа акәны Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи Қырҭтәылеи ирҭбаау аекономикатә усеицуразы аиқәшаҳаҭра знапы аҵаҩыз атәылақәа иреиуоуп.