Леван Давиҭашвили – Украина ма Урыстәыла аус зуаз жәларбжьаратәи аилахәырақәа рҟны аусура ҳаҿуп дара роперациақәа Қырҭтәылаҟа ииаргарц азыҳәан
Леван Давиҭашвили – Украина ма Урыстәыла аус зуаз жәларбжьаратәи аилахәырақәа рҟны аусура ҳаҿуп дара роперациақәа Қырҭтәылаҟа ииаргарц азыҳәан

«Аҳәынҭқарра  еиуеиҧшым алогистикатәи атранспорттәи хырхарҭақәа активла ирылахәып, уажәтәи аҭагылазаашьаҿы аресурсқәа зегьы роптимизациа алшарц азыҳәан», — иҳәеит Қырҭтәыла аекономика аминистр Леван Давиҭашвили.

Иара иажәақәа рыла,  Афинансқәеи Аекономикеи рзы аминистррақәа аус еицыруеит жәларбжьаратәи аилахәырақәа роперациақәа зегьы Қырҭтәылаҟа ииаргарц азыҳәан.

«Атәыла аиҳабыреи аекономикатә гәыҧи еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус руеит. Иаҳҳәап, имаҷымкәа жәларбжьаратәи еилахәырақәа Украинеи Урыстәылеи аус руан, дара роперациақәа Қырҭтәылаҟа ииаргарц азыҳәан активла аус аауеит.  Уи абзоурала, Қырҭтәыла абарҭ аусхкқәа рырҿиареи аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵареи, акомпетенциеи аквалификациеи аизырҳареи  алшоит.  Насгьы, абри афактор аекономика аҿиарагьы иацхраауеит», — иҳәеит  Давиҭашвили.