Леван Давиҭашвили  OMW Petrom аделегациа драцәажәеит Амшын еиқәаҿы аҧсабаратә газ ахыҵхырҭақәа рыҧшаара азҵаара иазкны
Леван Давиҭашвили  OMW Petrom аделегациа драцәажәеит Амшын еиқәаҿы аҧсабаратә газ ахыҵхырҭақәа рыҧшаара азҵаара иазкны

Авице-аҧыза,  аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили австро-румынтәылатәи аенергетикатә еилахәыра  OMW Petrom аделегациа дырҧылеит.

Аекономика аминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылаҿ  OMW Petrom аусура иалацәажәеит, зыӡбахәы ҳәоу аусурала иазҧхьагәаҭоуп Амшын еиқәа ақырҭуа шельф аҿы аҧсабаратә газ ахыҵхырҭақәа рыҧшаара апроцесс алагара.  Зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра Амшын еиқәаҿы, Румынтәыла, аҧсабаратә газ аҵхра иалагахьеит. Ақырҭуа апроект абиуџьет 30 миллион адоллар иаҟароуп.

Аминистрра адыррақәа рыла, хара имгакәа,  OMV Petrom S.A.  Амшын еиқәаҿы аҧсабаратә газ ахыҵхырҭақәа рыҧшаара иалагоит.