Леван Давиҭашвили – Ҳара Анаклиатәи абаҕәаза иадҳәаланы жәларбжьаратәи аилахәырақәа рҟынтә азыҳәамҭақәа ҳауит,  урҭ рыхәаҧшра ҳаҿуп
Леван Давиҭашвили – Ҳара Анаклиатәи абаҕәаза иадҳәаланы жәларбжьаратәи аилахәырақәа рҟынтә азыҳәамҭақәа ҳауит,  урҭ рыхәаҧшра ҳаҿуп

«Ҳара Анаклиатәи абаҕәаза  апроект иазҿлымҳау  жәларбжьаратәи аилахәырақәа рҟынтә азыҳәамҭақәа ҳауит,  урҭ рыхәаҧшра ҳаҿуп», — иҳәеит авице-аҧыза, аекономикеи иҭышәынтәалоау аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили аиҳабыра реилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

Левана Давиҭашвили ишиҳәаз ала, аилахәырақәа акритериақәа ршьашәалазаара иазку аҳәарақәа рзықәыргылан.

«Уажәтәи аетапаҿ ҳуааҧсыра уаҳа аинформациа ҳазрыҭом, аха, ҳминистрра абарҭ азыҳәамҭақәа рыхәаҧшра иаҿуп. Зҵакы дуу жәларбжьаратәи аилахәырақәа рҟынтә азыҳәамҭақәа ҳауит», — иҳәеит Леван Давиҭашвили.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, Анаклиатәи абаҕәаза дыргылоит аҳәынҭқарра аҽалархәрала, 51% аҳәынҭқарра иатәызаауеит, егьи  49% рзы жәларбжьаратәи атендер  рыларҳәеит.