Латвиатәи Сеим  Урыстәыла атерроризм иадгыло тәылас азханаҵеит
Латвиатәи Сеим Урыстәыла атерроризм иадгыло тәылас азханаҵеит

Латвиатәи Сеим Урыстәыла атерроризм иадгыло тәылас азханаҵеит. Ари аӡбара азакҩәанԥҵаратә аиҿкаараҿ иахьа рыдыркылеит.

Аәамҭа аҿы ишану ала, Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиа “украинаа гәҭакылатәи ргеноцид ауп”.

Латвиатәи Сеим егьырҭ атәылақәа рахь ааԥҳьара ҟанаҵеит Урыстәыла атерроризм иадгыло тәылас иазхарҵарц, Евроеидгыла атәылақәа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит Урыстәылеи Беларуси ртәылауаа атуристтәи егьырҭ авизақәа рыҭара ааныркыларц.

Уаанӡа, лаҵара 10 рзы Латвиа ахакәанԥҵаратә аиҿкаара урыстәылатәи аруаа Украина рхымҩаԥгашьа агеноцид ауп ҳәа азханаҵеит.