Лаша Хуцишвили Швециа ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит

19:19, 23.01.2024

Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили Қырҭтәыла иҟоу Швециа ацҳаражәҳәаҩ Анна Либерг лҟны аибадырратә аиԥылара мҩаԥигеит  диԥылеит.

Аиԥылара рхы аладырхәит аминистр ихаҭыԥуаҩ Екатерине Гунцаӡеи ацҳаражәҳәара ахаҭарнак Ерик Илеси.

Аганқәа ҩганкалатәи аусеицура азҵаарақәа ирыхәаԥшит. Ҷыдала ирзааҭгылеит Швециа жәларбжьаратә аҿиара агентра (SIDA) Қырҭтәыла имҩаԥнаго апроектқәа.

Афинансқәа рминистр ацҳаражәҳәаҩ иҭабуп ҳәа лаиҳәеит аҿиара ахырхарҭақәа рыдгыларазы, атәыла аекономикатәи афискалтәи параметрқәеи наҟ-наҟтәи априоритетқәа лыдигалеит.

Ацҳаражәҳәаҩ аминистр Евроеидгыла акандидат статус анашьара идиныҳәалан, ҩтәылак ирыбжьоу аусеицура апозитивтә ахәшьара алҭеит.

Еиԥшу