Лаша Дарсалиа – Женева ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара анықәҳаргыло, урыстәылатәи аделегациа иаразнакҵәҟьа игыланы ицоит
Лаша Дарсалиа – Женева ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара анықәҳаргыло, урыстәылатәи аделегациа иаразнакҵәҟьа игыланы ицоит

 

«Женеватәи  аиҿцәажәарақәа рҿы ахҵәацәа рыхынҳәра азҵаара анықәҳаргыло, урыстәылатәи аделегациа иаразнакҵәҟьа игыланы ицоит, ҧасагьы убасҵәҟаьа иҟарҵеит», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа Актәи аканал иеиҭаз аинтервиу аҿы.

Дарсалиа иҳәамҭала, Урыстәыла ари азҵаара алацәажәарагьы  аҭахым.

«Урыстәыла ари азҵаара алацәажәарагьы  аҭахым.  Ахадаратә зҵаарақәа рзы ҧхьаҟаҵара ҳалшаанӡа Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы апрогресс ҳзалацәажәом.  Убри аҟынтә, знамзар-зны арҭ азҵаарақәа иӡбахоит.  Урыстәыла  абарҭ аҧхықәрақәа ахы аднаҵит, жәларбжьаратә зин инақәыршәаны, ахатә  ҧхықәрақәа нанагӡароуп.  Уи жәларбжьаратәи аӡбарҭақәа рыла ишьақәырҕәҕәоуп.  Ҳара Қырҭтәыла-Урыстәылатәи аимак ауп ҳазлацәажәо, Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ҳрылацәажәоит,  абри зегьы азыҳәан аҭак аҧхықәуп Урыстәылатәи афедерациа», — иҳәеит  Лаша Дарсалиа.