Иахьа, қаҭтәи Аолимпиатә комплекс аҿы апара-ӡиудо азы агран-при иалагоит.
Атурнир Париж имҩаԥысран иҟоу 2024 шықәсатәи Аолимпиада ашҟа афиналтә алиценциатә аицлаброуп. Атурнир рхы аладырхәоит 400-ҩык аделегатцәа.
Атурнир Қырҭтәыла Апарадимпиатә комитет аиҿкаара ала мҩаԥысуеит.
Ауснагӡатә Қырҭтәылa Акультуреи аспорти рминистрреи Қарҭ ахадареи рыдгылара ала мҩаԥысуеит. Жәларбжьаратә партниорцәа – Алашәцәа жәларбжьаратә реилазаара (IBSA), Ӡиудо азы жәларбжьаратәи афедерациа (IJF), Ӡиудо азы Қырҭтәыла афедерациа (GJF). Аинформациатә спонсор – Қырҭтәыла ауаажәларратә дырраҭара.