Лаҵара 12 рзы Аиашахаҵаратә уахәама Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ имши, Анцәа иан лынасыԥынҵа амши  азгәанаҭоит
Лаҵара 12 рзы Аиашахаҵаратә уахәама Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ имши, Анцәа иан лынасыԥынҵа амши азгәанаҭоит

Лаҵара 12 рзы Аиашахаҵаратә уахәама Андреи Аҧхьанаҧхьаҩ ила Қьырса иҳәатәхаҵара амши Анцәа иан Қырҭтәыла ланашьара амши азгәанаҭоит.

Ажәытә уасиаҭ инақәыршәаны, ацқьа Андеи Аҧхьанаҧхьаҩ иоуп зегьы раҧхьа Қьырса иҳәатәы иацныҟәаз, иара Қьырса дизааигеит иашьеиҳабы Симон Пиотр. Ацҳаражәҳәаҩ Андреи Қьырса иҧсҭазаареи, иҧсреи, игылареи дашаҳаҭҩын. Аҧсы цқьа албаара ашьҭахь ацҳаражәҳәаҩ Андреи мрагыларатә тәылақәа рҿы ақьырсианра аларҵәара далагеит.

Иара Азиа Маҷи, Фракиеи, Македониеи, Амшын еиқәа аҟәареи, Ҟрыми дырхысит, Қырҭтәылагьы дыҟан, ари атәылашҟа иааигеит Анцәа Иан цқьа лныхачаҧа.

Ақырҭуа аиашахаҵаратә уахәама ацҳаражәҳәаҩ цқьа имш азгәанаҭоит шықәсыкала ҩынтә  – лаҵара  12 рзы  — Қырҭтәыла данааи амши, ҧхынҷкәын 13-и, иҧсра амши.

2018 шықәа ԥхынҷкәын 28 рзы Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама Асинод цқьa аднакылаз ақәҵара инақәыршәаны, лаҵара 12 Анцәа иан Қырҭтәыла ланашьара мшны шьақәырӷәӷәоуп.