Украинатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Львов дыршьит иреиҳаӡоу Рада ԥасатәи ахантәаҩы Андреи Паруб.
Азакәанхьчаҩцәа ишаарыцҳаз ала, иахьа, шьыбжьон, аполициа дырра аиуит ақалақь Саховтәи араион аҟны ахысра шыҟлаз. Ахәрақәа зауз Андреи Паруб ахысра ахьыҟалаз аҭыԥ аҿыҵәҟьа дыԥсит.
“Азакәанхьчаҩцәа ашьҩы иԥшааразы ирылшо зегь ҟарҵоит”, – иазгәаҭоуп аларҵәара зауз аҳәамҭаҿы.
Андреи Паруб иԥсра шьақәирӷәӷәеит Украин ахада Володимир Зеленски.