Анемец аспорттә агентра Transfermarkt аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, Хвича Кварацхелиа итрансфер ахә шьҭыҵит 18 миллион евро аҟынӡа.
20 шықәса зхыҵуа Қырҭтәыла аиза алахәылеи казантәи «Рубин» ахәмарҩи 15 миллион евро даҧсан, аха, асезон ианалга ашьҭахь, иара Урыстәыла ачемпионат иреиҕьу ахәмарҩы қәыҧшс дазхарҵан, даҽа 3 миллион евро ала ихә шьҭыҵит.