Аҭоурых иҩуп - Хвича Кварацхелиа 2022/2023 шықәсазы Асериа  А иреиҕьу хәмарҩны дазхаҵоуп
Аҭоурых иҩуп - Хвича Кварацхелиа 2022/2023 шықәсазы Асериа  А иреиҕьу хәмарҩны дазхаҵоуп

Ақырҭуа ашьапылампыласҩы Хвича Кварацхелиа  —  Асериа А иреиҕьу хәмарҩуп, — ари атәы иануп Италиа ачемпионат аофициалтә саит аҿы.

Италиа алига аофициалтә саит ақырҭуа ашьапылампыласҩы егьырҭ аноминациақәа рҿы дықәдрымгылеит, уи ала аадырҧшит  «Наполи» ажәылаҩ асезон иреиҕьу ахәмарҩыс дшыҟало.

Хвича Кварацхелиа  «Наполи» ала ачемпион атитул аиураҿы алагала ду ҟаиҵеит.  22 шықәса зхыҵуа Қырҭтәыла аизга ажәылаҩ раҧхьатәи ақырҭуа хәмарҩуп  5 лигак рҿы иреиҕьу хәмарҩыс  иазхаҵоу.

2022/2023 шықәсазы Асериа А аноминациақәа зегьы:

Иреиҕьу азыҟаҵаҩ  — Лучано Спаллетти («Наполи»)

23 шықәсанӡа зхыҵуа иреиҕьу ахәмарҩы  – Никколо Фаџьооли (Иувентус)

Иреиҕьу амбахьчаҩ  — Иван Проведель («Лацио»)

Иреиҕьу ахьчаҩ  – Ким Мин Чже («Наполи»)

Иреиҕьу абжахьчаҩ  — Николо Барелла («Интер»)

Иреиҕьу ажәылаҩ  – Виктор Осимхен («Наполи»)

Иреиҕьу ахәмарҩы  – Хвича Кварацхелия («Наполи»).