Кристиан Даниелсон  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырҧылоит
Кристиан Даниелсон  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырҧылоит

Визитла Қарҭ иҟоу Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель ихатә хаҭарнак Кристиан Даниелсон иҳәынҭарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа дырҧылоит.

Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы имҩаҧысуа аиҧылара иалахәып Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Кели Дегнани Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнак Карл Ҳарцели.

Иҳәынҭқарратәым аиҿкаара  «Қырҭтәыла адемократиатә инициатива» ахаҭарнак Гванца Ҵулукиӡе ишылҳәаз ала, аиҧылараҿы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа уажәтәи аполитикатә хҭысқәа ирыдҳәаланы ргәаанагра рҳәоит.

«Сара аӡбаратә реформа салацәажәараны сыҟоуп,  ари аусхкы аҿы  уажәы излацәажәо афрагменттә аиҭакрақәа ракәымкәа, шьаҭакнылатәи ареформа мҩаҧгазароуп. Ҳгәы ишаанаго ала, атәыла акризис иалҵырц азыҳәан, изаамҭаным алхрақәа мҩаҧгатәуп», — илҳәеит Гванца Ҵулукиӡе.