Кремль ишырҳәаз ала, атҟәацәа реиҭныҧсахлара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, германтәылатәи аган урыстәылатәи ФСБ аусзуҩ Вадим Красиков доурыжьҭит
Кремль ишырҳәаз ала, атҟәацәа реиҭныҧсахлара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны, германтәылатәи аган урыстәылатәи ФСБ аусзуҩ Вадим Красиков доурыжьҭит

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Дмитри  Песков иҳәамҭала, атҟәацәа реиҭныҧсахлара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны иацы германтәылатәи аган иоурыжьҭыз Вадим Красиков Урыстәыла афедералатә шәарҭадара амаҵзураҿы аус иуеит.

2019  шықәсазы, Берлин, Вадим Красиков, Қырҭтәыла атәылауаҩ  Зелимхан Хангошвили ишьразы аҧсранӡа аҭакра иқәырҵеит. Усҟан Урыстәылаҿ ишырҳәаз ала, иара урыстәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рҟны аимадара имам.

Пескова иажәақәа рыла, Красиков азкра ҷыда змоу аотриал  «Альфа» аҿы Владимир Путин ихьчара аусзуҩцәа аус рыциуан.

«Красиков — Урыстәыла афедералатә шәарҭадара амаҵзураҿы аус иуеит, «Альфа» даналаз атәыла ахада ихьчара алахәылацәа аус рыциуан, ҳәарада, иацы дара аҳаирбаҕәазаҿ еиҧылеит», — иҳәеит  Песков.