Корина Крету – Абарҭ аҧсшьарамшқәа рзы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳареи еиқәзыршәаша ашьаҿақәа аабап  ҳәа сгәыҕуеит
Корина Крету – Абарҭ аҧсшьарамшқәа рзы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳареи еиқәзыршәаша ашьаҿақәа аабап  ҳәа сгәыҕуеит

Абарҭ аҧсшьарамшқәа рзы аҭынчреи, ҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳареи еиқәзыршәаша ашьаҿақәа аабап  ҳәа сгәыҕуеит , — илҳәеит Европарламент аҿы иҟоу Асоциалистцәеи адемократцәеи рпрогрессивтә алианс алахәыла  Корина Крету  Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили даниҧыла ашьҭахь.

«Сара гәахәарыла Қырҭтәыла сеиҭааит. Раҧхьаӡа акәны абра сыҟан  30 шықәса раҧхьа,  1993 шықәсазы. Сара Евроеидгыла аҟынтә атәыла адемократиатә аҿиара сацклаҧшуан.   Абарҭ аҧсшьарамшқәа рзы аҭынчреи, ҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳареи еиқәзыршәаша ашьаҿақәа аабап ҳәа сгәыҕуеит. Ишыжәдыруа ала, Евроеидгыла Қәырҭтәыла аҧара ду аланаҵоит. Ҳара, Европарламент алахәылацәа, агәра ганы ҳаҟазароуп Мрагыларатә партниорра атәылақәа рҿы ауааҧсыра рыҧсҭазаашьа шеиҕьхо», — илҳәеит  Корина Крету.