Киев иҟалаз аԥжәараан ԥшьҩык ҭахеит, аӡәы аахақәа иоуит
Киев иҟалаз аԥжәараан ԥшьҩык ҭахеит, аӡәы аахақәа иоуит

Киев иҟалаз аԥжәараан ԥшьҩык ҭахеит, аӡәы аахақәа иоуит. Ари атәы аарыцхаит Киев иҟоу аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аҟәша хада.

Украина аҳҭнықалақь аҿы аԥжәарақәа ҟалеит ахәаахәҭратә цетрки анхарҭа ҩнқәеи рааигәара. Амцарцәаҩцәа амца арцәара иаҿуп. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп 11 амцарцәаратә машьынақәеи 60-ҩык амцарцәаҩцәеи.  Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, араион Подольск абомбақәа аурыс аруаа рыларыжьит.